Арадио

Цколиаԥҳа еиҭалҳәеит аԥкрақәа рырԥсыҽра анаҩс рхәыҷбаҳча аусура шеиҿкаахо атәы

Аҟәатәи ахәыҷбаҳча "Ашьхыц" аиҳабы Аида Цколиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аԥкрақәа рнаҩс русура ахацыркра иахьынӡазыҟаҵоу, асанитар-епидемиологиатә ԥҟарақәа шынарыгӡало атәы.
Sputnik
Цколиаԥҳа еиҭалҳәеит аԥкрақәа рырԥсыҽра анаҩс рхәыҷбаҳча аусура шеиҿкаахо атәы

Жәабран 15 инаркны ирԥсыҽхоит акоронавирус аламырҵәаразы Аԥсны иалагалаз аԥкрақәа, уи азы аусԥҟа инапы аҵаҩит атәыла ахада. Азин ыҟоуп ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи русура алагара, асанитар-гигиенатә шәагазагақәеи аԥҟарақәеи инарықәыршәаны.

"Аҭагылазаашьа агәабзиара аганахьала еиӷьхеит ҳәа азгәаҭаны иахьа ҳусура хацҳаркоуеит. Иахьазы ҳазхиоуп асанитартә ҳақьым хада ахәыҷбаҳчақәа русура аиҿкааразы лабжьгарақәа рынагӡара. Аҵара усбарҭа ҳаиқәдыршәеит арзҩыдаратә маҭәашьарқәа, асабрадақәа рыла. Ашьыжь асааҭ 8 рзы ҳанааиуа ахәыҷбаҳча аусзуҩцәа ргәаҭара, ршоура ашәара, рыԥсыԥ лагаҩагашьа аилкаара цоит. Амедицинатә журнал аҟны урҭқәа анаҳҵоит. Ахәыҷқәа рыдкылара еиҿкаауп асааҭ 9 рыбжазы. Ахәыҷбаҳча агәашә аҟны дгылоуп амедиаҳәшьа, ахәыҷқәа аӡәаӡәала ашҭа иҭалоит", - лҳәеит Цколиаԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: