Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Минаиаԥҳа: асанитартә ҳақьым лабжьгарала, ахәыҷбаҳчақәа русура аамҭа иагырхоуп

© Foto / предоставлено Аидой МинаияАида Минаия
Аида Минаия - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.02.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵара аминистрра ашколқәраҟынӡатәи аусбарҭақәа рыспециалист хада Аида Минаиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит жәабранмза 15 инаркны зусура еиҭахацыркхо ахәыҷбаҳчақәа рҿы ахәыҷқәа рхылаԥшра аус шеиҿкаахо атәы.
Минаиаԥҳа: асанитартә ҳақьым лабжьгарала, ахәыҷбаҳчақәа русура аамҭа иагырхоуп

Аԥсны ахәыҷбаҳчақәа рахь иаадкыланы иныҟәоит хә-нызқьҩык рҟынӡа ахәыҷқәа, ҳәа азгәалҭеит Минаиаԥҳа.

"Ахәыҷбаҳчақәа зегьы ирызшан арзҩыдаратә маҭәашьарқәа, асабрадақәа. Иҟаҳҵаз адҵала урҭ иахәҭоу амаҭәашьарқәа рыла реиқәыршәара азҵаара араион ахадацәа даара игәцаракны ирымазаауеит. Асанитартә ҳақьым лабжьагарақәа рыла ахәыҷбаҳчақәа аус рулоит 8 сааҭк, уаанӡа аус руан жәа сааҭки бжаки. Ашьыжь асааҭ 8 инаркны агәаҭарақәа мҩаԥыслоит:ахәыҷқәа ршоура ршәалоит, амедицинатә журнал аҿы арбагақәа анырҵалоит. Ашьҭахь иалагоит ахәыҷкәа рыдкылара. Ахәыҷы игәазбзиара усымшәа акыр ҟалар, иаразнак иҭаацәа шьҭахла дрыҭахоит. Амш аҩныҵҟа ахәыҷы игәабзиара аҽеиҭанакыр, иаразнак аҳақьым иуадахьы днагахоит. Иара ахәыҷқәа дрылганы хазы игоу ауадаҿы дыҟазаауеит иҭаацәа аиаанӡа", - ҳәа еиҭалҳәеит Минаиаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0