"Сара хаҭала сыҟан ахәыҷбаҳчаҿы, ахәыҷқәа ркаруаҭқәа, рыфатә, рыкрыфарҭа шеиҿкаахо агәаҭаразы. Зегьынџьара аҭыԥқәа рыбжьаҵаны, аԥҟарақәа рҿы ишаҳәоз еиԥш иазырхианы иҟаҵоуп. Ҳашколқәагьы азыхиоуп аҵаратә процесс аиҭашьақәыргылара, ацҵара. Аклассқәа рҿы арзҩыдаратә маҭәашьарқәа ҳарҭахьан акарантин ахь ҳцаанӡагьы, иҳагыз анапҭарԥақәеи асабрадақәеи ракәын. Урҭ араион ахадара иаҳзыршеит. Шьҭа уи аганахьалагьы уадаҩра ыҟаӡам. Ауадаҩра цәырҵуеит аҵаратә процесс аиҿкаараҿы. Ахәыҷқәа рнеира-рааира, рыҩналарҭақәа аивгара… Аха, иара аҽацәыхьчаратә ԥҟарақәа иага иуадаҩзаргьы, ҳрықәымныҟәар ҟалаӡом, избанзар ҳаԥхьаҟа иаҳҭахуп згәы бзиоу ахәыҷқәа рааӡара, анаҩс ауп аҵарагьы аныҟоу. Иааидкыланы ашколқәа зегьы, араион аҿы 26 ыҟоуп, гхак ыҟамкәа сызҳәом, аха ҳазыхиоуп аҵаратә процесс азыхынҳәаразы", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьынџьиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аҵара азыхынҳәра: Аԥсны ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи аусура иалагеит
Цколиаԥҳа еиҭалҳәеит аԥкрақәа рырԥсыҽра анаҩс рхәыҷбаҳча аусура шеиҿкаахо атәы