АҞӘА, жәабран 16 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 308-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 39-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 72-ҩык, урҭ рахьтә 56-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 16-ҩык, ибжьаратәуп - 27-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 21-ы пациент, Очамчыра ирхәышәтәуеит быжьҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хәҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 23-ҩык, Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 23-ҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>