Аԥсны АҶА амшқәа шыцәгьахо азы адырра ҟанаҵоит

Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аиқәырхаҩцәа ааԥхьара ҟарҵоит ахатәы автотранспорт змоу амҩақәа рҟны ргәы рҽанызарц.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 16 - Sputnik. Аԥсны АҶА ареспубликаҿы амшқәа шыцәгьахо азы адырра ҟанаҵоит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Жәабран 16 - 21 рзы Аԥсны аҵакыраҿы амшцәгьа, ақәабаа-сабаа, аԥшаӷьы иазыԥшуп.

Убри аан 2 -5 градус ахьҭа ҟалоит.

Аусбарҭаҿы ирҳәоит амҩақәа ирықәҵаар алшоит ҳәа.

Аиқәырхаҩцәа ааԥхьара ҟарҵоит ахатәы автотранспорт змоу амҩақәа рҟны ргәы рҽанызарц.