400 кьыла амимоза изакәанымкәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииаргарц рҭахын

Амимоза асезон иалагазар 700 кьыла рҟынӡа закәаншьаҭада амимоза аиагара зҽазызшәахьо ахаҿқәа рганахь ала административтә усҭҵаара аадыртхьеит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 17 - Sputnik. 400 кьыла рҟынӡа амимоза изакәанымкәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииаргарц акәын ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәача ақалақь аҿтәи амаҵзура.

Амимозаз аҵарҭышагара зҭахыз аинспекторцәа рганахьала ашьаус хацыркуп

Ашәҟәы иҭагаламыз атауар аарԥшын аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы амашьынақәа ргәаҭараан.

Аԥснынтәи аҳәаахь инеиз автомашьын LADA аҟны ирбеит 25 ҿаҳәара амимоза, зыкапан 136 кьыла иҟаз.

Иахәҭаз адокументқәа рыҟамзааразы амашьынаныҟәцаҩ иҳәеит ишизымдыруаз ақыҭанхамҩаалыҵ акоммерциатә хықәказы аиагара аԥҟарақәа.

Атәылауаҩ иганахь ала административтә ус хацыркуп.

Автомашьына ГАЗ 2217 аанкыланы аҳазалхырҭатә гәаҭарахь инашьҭын гәҩарас иахьыркыз азы.

Аԥсҟы зкыз амашьына рацәа рыҟазаара ихы иархәаны аҳазалхратә гәаҭара дазымԥшкәа аҳазалхырҭатә ҭыԥ аҵакыра далҵырц иӡбеит. Иара даанкыланы ддырхынҳәит. Амашьына асалон аҿы ирбеит 22 ҿаҳәара амимоза, зыкапан 232 кьыла иҟаз.

Ари атәылауаҩ иганахь ала административтә ус хацыркуп.

Уажәазы арҭ аҩыџьа рганахь ала аусҭҵаара мҩаԥыргоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: