Аҟәатәи аџьармыкьеи "Сухумприбори" русура аграфик еиҭакуп

Акоронавирус аламырҵәаразы аԥкрақәа еиҳа ирԥсыҽны хәажәкыра 10 рҟынӡа рыҿҳәара иацҵоуп.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 17 - Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба аусдҵа инапы аҵеиҩит Аҟәатәи аџьармыкьа хадеи ацәамаҭәатә џьармыкьа "Сухумприбори" русура аграфик ҿыц ашьақәыргыларазы. Абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара асаит.

Бжьаниа антиковидтә уснагӡатәқәа ҭакԥхықәрала ирықәныҟәаларц ааԥхьара ҟаиҵеит

Аџьармыкьа аус аулоит аҩаша, ахаша, аԥшьаша, ахәаша, асабша, амҽыша. Ашәахьа – санитартә мшхоит.

"Ахәаахәҭратә комплекс "Сухумприбор" аус аулоит: ахаша, аԥшьаша, ахәаша, асабша, амҽыша, ашәахьа. Аҩаша–санитартә мшхоит.

Ахада иусдҵаҿы ишьақәыргылоуп аҭиҩцәа рзы аԥҟарақәа. Дара асоциалтә дистанциа иқәныҟәозароуп, асабрадақәа рҿазароуп, ахатә арзҩыдатәқәа рымазароуп.

Ача, ашә реиԥш иҟоу аалыҵ ҭаҳәҳәаны иқәзароуп аҭиразы.

Ақалақь ахадара асанитар-епидемиологиатә станциа анапы ианҵоуп ақалақьтә уаажәларратә транспорт есҽынтәи арзҩыдара, Аџьармыкьа хадеи "Сухумприбори" раартранӡеи раркра ашьҭахьи рырзҩыдара.