Амҩақәа ҭабгеит, аҩнқәа еилаҳаит: Бедиа ду адгьылҳәазара ишаҿыц иаҿуп

Тҟәарчал араион Бедиа ду ақыҭаҿы адгьылҳәазара иалагеит ажьырныҳәа 15 рзы. Мышқәак рышьҭахь Тҟәарчалҟа уназго амҩа ҭабгеит. Иахьазы ақыҭақәа Бедиа ду, Агу-Бедиа, Бедиа рахь анеира ԥкуп.
Sputnik

Адгьылҳәазара даҽа ҩ-ҩнык аԥхасҭа рынаҭар алшоит.  Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Бедиа ду даҭааит. Лара "Аҟәарахьчара" иадылҵеит аамҭалатәи асхемала аимадараз ажәадгалақәа азырхиазарц.  Тҟәарчал адгьылҳәазара урыстәылатәи аҟазауаа адрыԥхьалар ҟалоит. Иҳәазаз амҩа еиднакылоит Тҟәарчал ақалақьи ақыҭақәа Бедиа ду, Агу-Бедиа, Бедиа.

Тҟәарчал ақалақьи араион ақыҭақәеи еимаздо амҩа аремонт азуны еиҭашьақәыргылан Аԥсны асаоциал-економикатә ҿиараз Аинвестпрограмма аԥарақәа рыла. Иақәхарџьын  60 миллион мааҭ. Аусурақәа мҩаԥысуан 2017 - 2020 шықәсқәа рзы.