COVID-19 зцәа иалаз ҩыџьа апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит Аԥсны

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 166-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 24-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 17 – Sputnik. Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит ҩыџьа апациентцәа, ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

1939 шықәса рзы ииз ахаҵа жәабран 17 рзы иԥсҭазаара далҵит. Жәабран 16 рзы 1935 шықәса рзы ииз даҽа пациентк. Рдиагноз хада акоронавирустә инфекциа ҿыц.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 67-ҩык, урҭ рахьтә 53-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 16-ҩык, ибжьаратәуп - 24-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 22-ы пациент, Очамчыра ирхәышәтәуеит ааҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хәҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 18-ҩык, Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 24-ҩык апациентцәа.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 12618-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 11865-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 195-ҩык.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>