Арадио

Сурманиӡе: аспециалистцәа иазгәарҭоит, амаинингқәа рзы Аҟәа аҭагылазаашьа шеиӷьхаз

Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡе арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит афымцамч аганахьала аҳҭнықалақь аҿы аҭагылазаашьа аҽшеиҭанакыз атәы.
Sputnik
Сурманиӡе: аспециалистцәа иазгәарҭоит, амаинингқәа рзы Аҟәа аҭагылазаашьа шеиӷьхаз

"Ес-ҩымш ақалақь ахада иҿы имҩаԥысуеит аизарақәа афымцамч аусзуҩцәа алархәны, изҿу аусурақәа шымҩаԥырго ҳарҳәоит. Ҳаргьы излаҳалшо ала ҳрыцхраауеит, аҩнусбарҭақәа уҳәа зегьы ирымоуп адҵа аминингқәа русура аанкылараҿы. Апарламент аҿы азакәан рыдыркылар, аҭагылазаашьа иаҳагьы иҭышәынтәалап ҳәа сгәы ианаагоит. Ақалақь раионцыԥхьаӡа уахәаԥшуазар, аспециалистцәа уи азгәарҭоит, аҭагылазаашьа акырӡа еиӷьхеит ҳәа. Аҵыхәтәаны ацәаҳәақәа рҿы иацлаз амчхара иҟалаз ахьҭақәа роуп анырра азҭо, иҟалоит иахьаҿырххьо анаҩс еиҭа иахьаҿаркуагьы. Аха иааидкыланы уахәаԥшуазар, аҭагылазаашьа акырӡа еиӷьуп ҳәа иазгәарҭоит аспециалистцәа", - ҳәа еиҭеиҳәеит Сурманиӡе.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: