Арадио

Аҟәысба Аԥснынтәи Ермантәылаҟа аихамҩазы: зҳәынҭқарра иахәаша зҭаху даҿагылаӡом

Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеилакқәа рфедерациа ахантәаҩы Аҭанур Аҟәысба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны иагәылсны Урыстәылеи Ермантәылеи рыбжьара аихамҩатә еимадара аус арура азҵаара иацхраарц, ҳдиаспора ахаҭарнакцәа ирыдыркыло ашьаҿақәа ртәы.
Sputnik
Аҟәысба Аԥснынтәи Ермантәылаҟа аихамҩазы: зҳәынҭқарра иахәаша зҭаху даҿагылаӡом

Аԥсны иалсны Урыстәылеи Ермантәылеи рыбжьара аихамҩатә еимадара аус аруразы, еиҟароу азинқәа змоу алахәцәа раҳасабала Аԥсны шазхиоу уи апроект алахәхаразы Жзлар реизара адепутатцәа Урыстәыла Ахәынҭқарратә Дума ашҟа ажәалагала ҟарҵеит, убасгьы Москва аиԥылара рыман. Убасгьы ари азҵаара ацхрааразы Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа Ҭырқәтәыла аиҳабыра рҟны аицәажәарақәа мҩаԥыргоит.

Аԥсны Урыстәыла иаднагалеит ҳтәыла иалсны Ермантәыланӡа аихамҩа аусура иалагарц

"…ари ҿыцны иҟалаз аҭагылазаашьа ҳазҿлымҳауп Ҭырқәтәыла иқәынхо аԥсуаа, аҭынчра иахәарҭаны, абизнес азы ихәарҭаны ишыҟалаша ҳазхәыцуеит. Ҳаргьы ҳгәаанагара раҳҳәоит араатәи аҳәынҭқарра анапхгара, ҳаицәажәоит ари аус аганахьала. Ҿыцны еиҿыркаауа излагаз ф-гәыԥк ҳәа ззырҳәо Аԥснгьы алалар ҳҭахуп. Уи Қырҭтәыла, Ермантәыла, Азербаиџьан, Урыстәыла, Иран зегьы ахьыҟоу ауп. Ари адгьылҵакыраҟны аимак- аиҿакқәа хәыҷык рҭышәнартәалара иазеиӷьхоит ҳәа ҳӷәыӷуеит (аихамҩа аартра –аред.). Ермантәылеи Азербаиџьани рыбжьара иҟалаз аибашьра ашьҭахь, аихамҩа иалацәажәаны даҽа мҩакахь иахьеихаз Аԥсны иагыжьны ииашоуп ҳәа ҳгәы иаанагаӡом… Ари азҵаара ҳаԥсадгьыли егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи ишрыхәарҭахо азы ишақәнагоу аӡыргара, идҳардырыц азы ишҳалшо аус адаҳулоит", - иҳәеит Аҟәысба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳәар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: