Аԥснытәи адепутатцәа Урыстәыла Аҳәынҭдумаҿы иалацәажәеит аихамҩатә еимадара азҵаара

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЖ/д сообщение между Россией и Китаем ограничили одним поездом
Ж/д сообщение между Россией и Китаем ограничили одним поездом - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент адепутатцәа Урыстәыла Аҳәынҭдумаҿ рыҟазаара мҩаԥысит жәабран 12-17 рзы. Иара аҳәаақәа ирҭагӡаны ирылацәажәан еиуеиԥшым азҵаарақәа.

АҞӘА, жәабран 18– Sputnik. Аԥсны Апарламент Урыстәыла Аҳәынҭдумахь адырра ҟанаҵеит ареспублика шазыхиоу Аԥсны иалсны Урыстәылеи Ермантәылеи рыбжьара аихамҩатә еимадара ашьҭра. Урыстәыла Аҳәынҭдума адепутатцәеи Аԥсны Апарламент адепутатцәеи реиԥылараан Урыстәыла Аҳәынҭдума адепутатцәа ари иадгылеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Апарламент жәларбжьаратәии, апарламентбжьаратәии еимадарақәеи аџьынџьуаа реимадарақәеи рзы аилак ахантәаҩы Асҭамур Логәуа.

Железнодорожные пути - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.02.2021
Аԥсны Урыстәыла иаднагалеит ҳтәыла иалсны Ермантәыланӡа аихамҩа аусура иалагарц

"Аҳәынҭқарратә Думахь ашәҟәы наҳашьҭит Владимир Путини Азербаиџьан ахада Ильхам Алиеви Ермантәыла аԥыза-министр Никол Пашиниани реиԥылара ашьҭахь арегион аҿы ишыҟалаз алшара атранспорттә коммуникациақәа русуразы азгәаҭаны. Иаҳҳәеит Аԥсны шазыхио ари апроект алахәра", - иҳәеит иара.

Ажьырныҳәа 11, 2021 шықәсазы Владимир Путин дырԥылеит Азербаиџьан ахада Ильхам Алиеви Ермантәыла аԥыза-министр Никол Пашиниани. Аиԥылараҿ иӡбан атәылақәа рыбжьара аихамҩатә еимадара ахацыркра.

Жәабран 8 рзы Аԥсны Апарламент Урыстәыла Аҳәынҭдумахь адырра ҟанаҵеит ареспублика шазыхиоу Аԥсны иалсны Урыстәылеи Ермантәылеи рыбжьара аихамҩатә еимадара ашьҭра.

Асҭамур Логәуа иҳәеит Аҳәынҭдума адепутатцәа аԥснытәи рколлегацәа рзыҳәа ишадгылаз.

"Ақырҭуа политикцәа иҟоу шыҟоу ирыдыркылароуп. Ҳара ара ԥхьаҟагьы ҳаицынхалароуп. Аԥсны аҭыԥ аҿы иҟалом Италиа, Қырҭтәыла аҭыԥ аҿгьы - Франциа. Ҳаилацәажәароуп даргьы ҳаргьы апроектқәа рынагӡаразы", - иҳәеит Логәуа.

Ари азҵаара адагьы аделегациа Москва рыҟазаараан ирылацәажәан егьырҭ азҵаарақәагьы ҳәа азгәеиҭеит Асҭамур Логәуа.

"Иалацәажәан мариала аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра азҵаара, аиҳаракгьы ҳаззыԥшу акурорттә сезон аламҭалаз", - иҳәеит иара.

Аԥснытәи адепутатцәеи урыстәылатәи рколлегацәеи аҵара аус иадҳәалаз азҵаарақәагьы шьҭырхит. "Урыстәыла ԥарашәарада аҵараҵаразы аквотақәа рыцҵара азҵаара ҳазааҭгылан ҳалацәажәеит", - иҳәеит иара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0