Урыстәылатәи Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәша ԥшьымш иаркхоит

Авирус аламырҵәаразы иалагало аԥкырақәа инарыдҳәаланы Аконсултә ҟәша изныкымкәа ашәқәа анаркхьеит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 18 - Sputnik. Урыстәылатәи Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәша ԥшьымш, жәабран 20-23 рзы иаркхоит ҳәа аанацҳауеит Ацҳаражәҳәарҭа асаит.

Аҭааҩцәа рыдкылара аанкылоуп Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш анҳәаз.

Жәабран 1 аахыс Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәшаҿы еиҭахацыркын атәымтәылауаҩшәҟәқәа рыҭара апроцедура.

Ажьырныҳәа 11 2021 шықәса раахыс Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Ацҳаражәҳәарҭа Аконсултә ҟәша аҭааҩцәа аднакыломызт. Акоронавирустә пандемиа иалагазар, аконсултә ҟәша изныкымкәа аусура ааннакылахьан.