Урыстәылатәи аруаа атанкқәеи акәылӡмашьынақәеи рыла ахысрақәа мҩаԥыргеит

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысит аполигонқәа Ҵабал, Нагвалоу, Гәдоуҭа (Аԥсны), аполигон Маикопски (Адыгатәыла) рҿы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 18 - Sputnik. Хнызқьҩык инарзынаԥшуа Аԥсны иҟоу Аладатәи Арратә округ аррамаҵзурауаа уахынлатәи ахысрақәа мҩаԥыргеит атанкқәа Т-72Б3, акәылӡмашьынақәа БТР-82АМ рҟынтәи ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.

ААО аррамаҵзурауаа Аԥсны аԥырҩы дызҭам "аӷа" иԥрыгақәа ҭадырхеит

Ахысрақәа мҩаԥган аруаа аполигонқәа Ҵабал, Нагвалоу, Гәдоуҭа (Аԥсны), аполигон Маикопски (Адыгатәыла) рҿы имҩаԥысуаз арратә ҽазыҟаҵарақәа рҳәаа иҭагӡаны. Иазгәаҭоуп аруаа атактикатә, анџьныртә, ахысратә, иҷыдоу аҵараҽазыҟаҵарақәа ирхысуан ҳәа.

Иара убасгьы Амшынеиқәа аԥшаҳәаҿи ашьхараҿи ахысрақәа раан амотохысцәа еиқәыршәан иҿыцу армаҭәа "Ратник" ала, рхы иадырхәон ҳаамҭазтәи аԥшыхәреи аимадареи еиҭаргоу ркомплексқәа "Стрелец".

Аруаа ирдырҵон еиуеиԥшым аҵара-еибашьратә дҵақәа рынагӡашьа. Аҵара шьаҭаны иаман иахьазы адунеи аҿы имҩаԥысуа ҩџьарлатәи аимакқәа рԥышәа.

Зынӡа ауснагӡатә иалахәын 150 ак арратә техника, акәылӡмашьынақәа "Тигр", КамАЗ "Мустанг" назлоу.