Аԥсны 21 коронавирус хҭыс ҿыц ҟалеит

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 12671-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 11947-ы, рыԥсҭазаара иалҵит 195-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 19 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 221-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 21-ы акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Аԥсны амедусҳәарҭақәа ИВЛ аппаратқәеи ПЦР-хархәагақәеи рырҭоит

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 59-ҩык, урҭ рахьтә 49-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 18-ҩык, ибжьаратәуп - 20-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 19-ҩык пациент, Очамчыра ирхәышәтәуеит быжьҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хәҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык, Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 19-ҩык апациентцәа.

Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара ҿкы рымкырц азы иахәҭоу аԥҟарақәа зегьы ирықәныҟәаларц.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>