Аԥсны амедусҳәарҭақәа ИВЛ аппаратқәеи ПЦР-хархәагақәеи рырҭоит

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 12650-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 11901-ы, рыԥсҭазаара иалҵит 195-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 19 - Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра иаанахәеит арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауарҭарсгақәа хәба акоронавирус ахәышәтәра знапы иану ахәышәтәырҭақәа рзы. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

Бжьаниа антиковидтә уснагӡатәқәа ҭакԥхықәрала ирықәныҟәаларц ааԥхьара ҟаиҵеит

Аппаратқәа хԥа Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭахь ирырҭоит, ҩба – Гагратәи Араионтә хәышәтәырҭа хада.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра иаанахәеит ПЦР-хархәагақәа Очамчыреи Гагреи араионқәа рҿы ҩ-лабораториак рзы. Аминистрраҿ иазгәарҭоит Аԥсны аиҳабыра иҟарҵаз аԥаразоужьрала Очамчыратәи СЕС аҿы аа-уадак аремонт шрызуу ахархәагақәа рыдкыларазы.

Алабораториақәа рҿы иқәдыргыло ахархәагақәа хара имгакәа инашьҭхоит.

ИВЛ аппаратқәа 9 миллионки 900 нызқьмааҭ иаԥсоуп, ПЦР-хархәагақәа–11,5 миллион мааҭ рықәырӡуп.