Арадио

Еныкь иблыз иҩназы: аргыларатә маҭәахәқәа рыла ҳаиқәыршәахар, аус аҿы зегь ҳаицхыраауан

Мгәыӡырхәа ақыҭан инхо Инал Еныкь арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит мызкы аԥхьа иҟалаз абылра ашьҭахь хыҵакырҭас ирымоу, рыҩны аиҭашьақәыргыларазы аусқәа ахьынӡанагоу.
Sputnik
Еныкь иблыз иҩназы: аргыларатә маҭәахәқәа рыла ҳаиқәыршәахар, аус аҿы зегь ҳаицхыраауан

"Аҩны ишыҟац иҟоуп, макьана акгьы ҟаҵам. Ҭаацәаныла сашьа иҿы ҳаҟоуп. Ҳарахә - Мгәыӡырхәа иаанхеит, ҳцоит-ҳаауеит, абри ҳаҿуп. Аҩны аргыларазы аусурақәа рымҩаԥгара макьана амш иаҳнаҭом. Гәдоуҭа араион аҟынтә иҳауит ацхыраара, 200 нызқь мааҭ аԥара ҳарҭеит. Еиҭа ҳазыԥшуп атәыла ахада ифонд аҟынтә ацхыраара. Аргыларатә маҭәахәқәа рыла ҳаиқәыршәахар, аусурақәа рынагӡаразы уалаҭахыла зегьы ҳаицхыраауан. Аҩны аҭӡамцқәа шьшьеит урҭ иҟаҵатәу мамзаргьы ҿыц иргылатәу азы аспециалистцәа ааны иахәаԥшыр сҭахын", - ҳәа еиҭеиҳәеит Еныкь.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: