Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Беиа Арҵаҩцәа рассоциациа асаити ацҵеи рхықәкы атәы

Жәабран 18 рзы амультимедиатә пресс-центр Sputnik аҟны иӡырган Аԥсны арҵаҩцәа рассоциациа асаит. Апроект автор, аицлабра "Аԥсны агәадура" аҟны аиааира згаз Алаҳаӡытәи абжьаратә школ адиректор Саид Беиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит асаити уи ацҵеи рхықәкы атәы.
Sputnik
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Беиа Арҵаҩцәа рассоциациа асаити ацҵеи рхықәкы атәы

Аԥсны арҵаҩцәа рассоциациа (ASURА) асаити ацҵеи хықәкыс ирымоуп ашколқәраҟынӡатәи аусҳәарҭақәеи ашколқәеи рырҵаратә коллективқәа, арҵаратә кружокқәа рырҵаҩцәа рԥышәа аимдара. ASURА аплатформа асаит мчыбжьык ирықәуп аус ауеижьҭеи. Аҟәшақәа рҿы иуԥшаар ҟалоит аматериалқәа, арҵагақәа, астатиақәа, аҭҵаарақәа, авидеоурокқәа Аԥсны аҭоурых, афизика, ахимиа, аурыси аԥсуеи бызшәақәа уҳәа егьырҭ амаҭәарқәагьы рзы.

Аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: