00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:30
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
18:25
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
21:25
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
13 мин
Аиҿцәажәара
Асасааирҭақәа рнапхгаҩцәа рԥышәа еиздырҳаит Урыстәыла: ахҳәаа
13:20
4 мин
Аицәажәара
Сынтәатәи аҽаҩра Тҟәарчал: ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы ицәажәара
13:24
4 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
13 мин
Аиҿцәажәара
Акәыкәбаа аҟәшәара иаамҭоуп: абзиабаҩ ицәажәара
13:45
3 мин
Аиҿцәажәара
Атуристтә аамҭахәҭазы Анхәа ашахамҩа иаусушьаз: аԥшәмацәа руаӡәк ицәажәара
13:49
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
13 мин
Турбаза
Куда стремится туризм в Абхазии: эксперт о трендах и свободных нишах
14:21
5 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Такие обстоятельства
Как профориентация помогает подросткам найти себя
14:44
22 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Sputnik аҟны иӡыргоуп Аԥсны арҵаҩцәа Рассоциациа асаит

© Sputnik / Марианна Кубрава Презентация образовательной платформы Asura
Презентация образовательной платформы Asura  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2021
Анапаҵаҩра
Sputnik апресс-центр аҟны жәабран 18 рзы иӡырыргеит Аԥсны арҵаҩцәа Рассоциациа асаит.

АҞӘА, жәабран 18 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны арҵаҩцәа Рассоциациа (ASUR) асаити ацҵеи ирхықәку ашколқәраҟынӡатәи аусҳәарҭақәеи ашколқәеи рырҵаратә коллективқәа, арҵаратә кружокқәа рырҵаҩцәа рԥышәа аимдара ауп ҳәа иҳәеит апресс-конференциаҿ апроект автор, аицлабра "Аԥсны агәадура" аиааиҩы, Алаҳаӡытәи актәи ашкол адиректор Саид Беиа.

"Иахьатәи аамҭазы арҵара амҩаԥысшьа аартуп. Акоронавирустә ҭагылазаашьа иаҳнарбеит ҳаԥсҭазаара аспектқәак ҳшырзыҟаҵам. Асеиԥш иҟоу аусқәа урзыхиазарц азы ирышьашәало апроектқәа аус рыдуулозароуп", - иҳәеит Беиа.

© Sputnik / Марианна Кубрава Саид Беиа
Sputnik аҟны иӡыргоуп Аԥсны арҵаҩцәа Рассоциациа асаит - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2021
Саид Беиа

ASUR аплатформа асаит мчыбжьык ирықәуп аус ауеижьҭеи. Аҟәшақәа рҿы иуԥшаар ҟалоит аматериалқәа, арҵагақәа, астатиақәа, аҭҵаарақәа, авидеоурокқәа Аԥсны аҭоурых, афизика, ахимиа, аурыси аԥсуеи бызшәақәа уҳәа егьырҭ амаҭәарқәагьы рзы.

Асаит аҟны зметодикатә рҵага ма авидеоурок цәырызгар зҭаху иматериалқәеи асаит аҿы иарбоу аԥошьҭахь инеишьҭуеит. Азыҳәа иахәаԥшуеит ҩымш рыҩныҵҟа. Акьыԥхьра аламҭалаз апроект автори амаҭәар азҟазауааи игәарҭоит.

Асаит аҿы авидеоурокқәа рыдагьы иубар ҟалоит иактуалу адунеитә жәабыжьқәа, аиҿцәажәарақәа, адырраҭарақәа. Асаит иамоуп иҷыдоу аҟәша – аспорт иазку. Ара абаҩрҵәыразы арҵаҩцәа разыҟаҵаратә программақәа цәырыргоит. Дзиудо азы жәларбжьаратәи акласс иатәу аспорт азҟаза, Алаҳаӡытәи ашкол арҵаҩы Едишер Конџьариа игәаанагарала ари аус аҭаацәа рзы ихәарҭоуп, ахәыҷы секциак изалхразы.

© Sputnik / Марианна Кубрава Едишер Конџьариа
Sputnik аҟны иӡыргоуп Аԥсны арҵаҩцәа Рассоциациа асаит - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2021
Едишер Конџьариа

Макьаназ асаит аҿы иарбо амҵәышәмпыл, дзиудо, ашьапылампыл, анапылампыл роуп, аха авторцәа асекциақәа рырҭбаара рыгәҭакуп.

Гечрыԥшьтәи абжьаратә школ аԥсуа бызшәа арҵаҩы Денис Анқәаб иазгәеиҭеит ари аҩыза аплатформа акыр ишыманшәало.

"Уколлегацәа рԥышәа ухы иархәаны упрограмма аплан аус адуулар ҟалоит. Амаҭәарқәа рзы аматериалқәа рыԥшаара мариоуп аинтернет аҿы. Аԥсуа бызшәа аганахь ала аматериалқәа рыԥшаара ауадаҩрақәа рыҵоуп, иагьмаҷуп. Аха ари аплатформала иуҭаху аинформациа аԥшаара улшаратәы избоит", - иҳәеит иара.

© Sputnik / Марианна Кубрава Денис Анқәаб
Sputnik аҟны иӡыргоуп Аԥсны арҵаҩцәа Рассоциациа асаит - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2021
Денис Анқәаб

Иазыԥхьагәаҭоуп ASUR ацҵа App Store, Google Play рҿы аҟалара. Уи азы апроект авторцәа 18 000 мааҭ аларгалароуп. Афинанстә цхырааразы аҳәара ҟарҵеит афонд "Амшра" ахь.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0