Аҟәа ахәҭак ӡрыжәтәда иаанхоит амҽыша жәабран 21 рзы

Аҳҭнықалақь ахәҭак ӡыда иаанхоит Вавилов имҩаҿы аӡымҩангага ахьԥжәаз иахҟьаны.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 20 - Sputnik. Жәабран 21 рзы ӡыда иаанхоит Аҟәа ахәҭақәа ҩба ҳәа аанацҳауеит АУН "Аӡыканал".

Аӡы аанкылахоит асааҭ 00:00 инаркны 18:00 рҟынӡа Турбаза араиони Ҷанба имҩеи.

Уаанӡа АУН "Аӡыканал" Sputnik иазеиҭарҳәахьан Аҟәа аӡрыжәтә азы апроблема аӡбаразы аӡымҩангагақәеи, аӡыҭгагатә станциақәеи, аӡеизакырҭақәеи зегьы комплексла ишыӡбатәу.