Акоронавирус хызҽуа ахԥатәи урыстәылатәи алаҵа ҭарҩит

Аклиникатә ԥышәарақәа жьҭаара алагамҭазы ирылагеит, макьана ихәарҭамкәа ахы аанамырԥшыцт. Аҩбатәи афаза анхыркәшахалак ашьҭахь, х-нызқьҩык ауаа хатәгәаԥхарала атестқәа ирхысуеит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 20 - Sputnik. Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра иҭанаҩит COVID-19 хызҽуа ахԥатәи алаҵа "КовиВак", абри атәы иҳәеит аԥыза-министр Михаил Мишустин.

"КовиВак" аԥҵоуп Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу М.П. Чумаков ихьӡ зху Аиммунологиатә препаратқәа рыҭҵаареи аус рыдулареи рфедералтә ҭҵаарадырратә центр аҟны.

Урыстәыла аҩбатәи алаҵа ашәҟәы иҭаргалеит

Мишустин иажәақәа рыла, алаҵа раԥхьатәи 127 нызқь доза ауаа рзыҟаҵара иалагоит хәажәкыра азбжазы. Иара убас жәларбжьаратәи аџьармыкьақәа рахь рнагарагьы ргәы иҭоуп.

Апрепарат "КовиВак" - ахԥатәи урыстәылатәи лаҵоуп "Спутник V", "ЭпиВакКорона" рышьҭахь, уи хкылагьы дара иреиԥшым. Иара ашьаҭаҿы иҟоуп имҿио, мамзаргьы "ишьу" акоронавирус.

Ацәеижь ари алаҵа анаиулак, иаднаклыоит авирус антигентә еилазаашьа, уи агәалашәараҿы иаанхоит, анаҩс авирус азцәырҵыр, иара аҿагылара иазхиазаауеит.

Чумаков ихьӡ зху ацентр аиҳабы, Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәыла-корреспондент Аидар Ишмухаметов игәаанагарала, "КовиВак" ибзианы аус аулоит амутациа зыхьыз аштаммқәа ирҿагылангьы, избанзар уи аҿы ахархәара амоуп авирус иааидкыланы зегьы, уи агеном ахәҭақәак ракәымкәа.

Bloomberg "Спутник V" урыстәылатәи аҭҵаарадырраҿы еихьӡара дууп ҳәа ахнаҳәааит

Ари алаҵа ҟарҵар ҟалоит18 инаркны 60 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ауааԥсыра. Иҵегьы ахархәара ҭбаахар ҟалоит 60 шықәса иреиҳабу рҟны, иара убас ачымазарақәа змоу рҟны аԥышәарақәа аҩбатәи рфаза анымҩаԥыргалак ашьҭахь.

Уажәтәи аамҭазы акоронавирус ахҽразы иҟарҵо алаҵа "Спутник V" ауп, уи аԥҵан гамалеи ихьӡ зху Ацентри РФПИ еицыҟарҵеит. Ари алаҵа адунеи аҟны раԥхьаӡа акәны COVID-19 хызҽуа ҳәа иҭарҩыз лаҵахеит.

Уи адагьы, Урыстәылатәи агәабзиарахьчара аминистрра жьҭаарамзазы иҭанаҩит даҽа лаҵакгьы - "ЭпиВакКорона", уи новосибирсктәи ацентр "Вектор" иаԥнаҵеит.