Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik
Ахылԥарч – кавказтәи ашьхарыуа жәларқәа ртрадициатә маҭәақәа иреиуоуп. Иҳәатәуп ахылԥарч ишаанарԥшуа ауаҩы иҟәыӷара, имч, ихьӡ, ихьымӡӷ. Кавказаа рҿы иуԥылоит убас еиԥш иҟоу ажәаԥҟа: "Аӡәы акы уабжьеигарц ануҭаху, ухылԥарч уазҵаа". Аԥсуаа ирҳәоит: "Ахы ыҟазар, ахылԥарч ахалоит".
Ахылԥарч асимволтә ҵакыла ауаҩы имч аазырԥшуа акәны иҟоуп. Зхылԥарч зцәыӡыз, зхы зцәыӡыз диҩызоуп, иԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылоуп. Ҭоурыхла ахылԥарч анцәырҵ инаркны кавказтәи ажәларқәа рҟынтәи егьырҭ амилаҭқәагьы издызкылаз ыҟоуп уи ӡынгьы ԥхынгьы аныҟәгара ахьыманшәалаз азы – аӡын уарԥхозар, аԥхын ашоура аҟынтәи уахьчоит.
Азеижәтәи ашәышықәса алагамҭа инаркны Аахыҵ Кавказ аофициалла ахылԥарч аибашьҩы иеилаҳәага маҭәахәқәа ирыларҵоит. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаан акәзар, иреиҳаӡоу аофицарцәа реилазаара, аибашьцәа зегь раԥхьа идыргылоз ирхарҵон. Аԥсуаа ҳҿы иахьатәи аамҭазы иаҳҳәозар, аибашьҩы иеилаҳәага маҭәахәқәа ирыланы иҟаӡам, уи ус еиԥш ала хархәара азуур шауагьы. Иахьазы ари еиуеиԥшым аныҳәақәа раан ирхарҵо традициатә хаҵатәуп.
Иазгәаҭатәуп, еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа раан ирхарҵо ахылԥарчқәагьы еиԥшым. Иаҳҳәап: есыҽнытәи хаҵатәны еиқәароу, мамзаргьы ихәаԥштәылоу ахылԥарч рхарҵоит, аныҳәақәеи ачарақәеи рҿы – ашкәакәа ԥштәы змоу, аԥсраҿы – еиқәаҵәоу.
Аԥсуа изы ахылԥарч ихаӡамкәа ауаа рылагылара ҟалашьа змамыз акы акәын. Ахылԥарч анырхырхыруа ианныҳәо заҵәык ауп (аныҳәаҩ анцәа иахь ихы рханы данныҳәо ихы хтуп), иара убас аԥсраҿы ианнеиуа.
Аҿар рыбжьара иҟан убас еиԥш атрадициа: аҷкәын игәаԥхаз аҭыԥҳа лаԥхьа ихылԥарч, ма ихҭырԥа каиршәуан ("сыԥсҭазаара бнапы иануп" ҳәа), аӡӷаб уи аҷкәын дылгәамԥхозҭгьы, ихылԥарч лыргьежьуан, аха уи иара изы хьымӡӷ дуун, урҭ реинрааларазы ацәажәацәа аныбжьалоз ыҟан.
Ахылԥарч ҳаамҭазтәи ахархәара ахьуԥыло жәлар рашәаҳәаратә, рыкәашаратә ансамбльқәа рҿоуп, аха иара уи адагьы аҿар бзиа ибаны изхазҵогьы ыҟоуп, аиҳаракгьы амилаҭтә ныҳәақәа раан аҿаргьы еиҳабу абиԥарагьы ари ахаҵа рхаҵаны иуԥылоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
"Ашәҵатәқәа зегьы иреиӷьуп аламыс…" – аҳәса рымаҭәа азҵаатәқәа
Џьапуа: ахҭарԥа аҿаҳәашьала еилыукаауан аԥсуа иҭагылазаашьа, ихықәкы
Ахҷаҭхылԥа, акасы еицарса, ашьал: аҳәса рхаҵатәы азы ажәақәак