Урыстәылатәи иреиҳау аҵараиурҭақәа рахь квотала аҭаларазы аҿҳәара иацҵоуп

Урыстәылатәи иреиҳау аҵараиурҭақәа рҭаларазы арзаҳалқәа рыдыркыло иалагеит ажьырныҳәа 20 инаркны. 2020 шықәсазы Россотрудничество ала ҩынҩажәижәаҩык Аԥснынтәи абитуриентцәа урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭалеит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 21 - Sputnik. Урыстәыла Аиҳабыра Аԥсназы иаанашьҭуа аҵараҵаразы аквотақәа рҳәаақәа иҭагӡаны акандидатцәа рҭаҩра аҿҳәара иацҵоуп хәажәкыра 15 рҟынӡа ҳәа аанацҳауеит Россотрудничество.

Урыстәыла аҵараиурҭақәа рҭалара хәынтә имариахеит: изахьӡуи аҳәаанырцәуаа рзы асуперсервис

Асаит education-in-russia.com аҟны арзаҳал алоуҵар ҟалоит 2021 шықәса хәажәкыра 14 асааҭ 23:59 рҟынӡа.

Уаанӡа Россотрудничество аиҳабы Евгени Примаков ишиҳәахьаз ала, аҳәаанырцәтә студентцәа, аԥснытәиқәагьы убрахь иналаҵаны, Урыстәыла аквотақәа рхыԥхьаӡара иацлоит. Уажәы апрограммаҿы иазԥхьагәаҭоуп 15 нызқь биуџьеттә ҭыԥ, 2023-2024 шықәсқәа рзы урҭ ҩынтә еиҳахоит.

Ҵыԥх Аԥсны иазоужьын аҵараҵаразы аквотақәа 50. Алԥшааратә кампаниа онлаинла имҩаԥысуан. Уи алахәразы рыҽҭарҩит 384 абитуриент, аха фактла 118 рхы аладырхәит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: