Аметадон "аҭыԥ маӡақәа" рҿы изҵәахуаз иус Гагра араионтә ӡбарҭахь инашьҭуп

Ахаҵа ахара идырҵоит анаркотикқәа закәаншьаҭада раахәаразы, рыҭирази, рыҵәахразы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 22- Sputnik. Гәдоуҭа араион Ҟәланырхәа ақыҭан инхо Баҭал Ақаҩба иус Гагратәи араионтә ӡбарҭахь инашьҭуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.

Аԥсны партиа дула анаркотикқәа рыҭиразы ашьаус аӡбарҭахь инашьҭуп

Аусҭҵаара адыррақәа рыла Ҟәланырхәа ақыҭан Ақаҩба иҩны аимдара анымҩаԥыргоз ашьҭаларҭа уадаҿы ирбеит метадон злаԥсаз аилаҳәарақәа. Абарҭ рҩызцәа аилаҳәарақәа ԥшаан Гәдоуҭа араион Оҭҳареи Блабырхәеи ақыҭақәа рыбжьара абнараҿы. Урҭ уа ишьҭеиҵахьан Баҭал Ақаҩба. Иааидкыланы иԥшааз метадон 20 грамм иҟан.

Ашьаус аматериалқәа рыла, Ақаҩба аҽа хаҿқәак еилацәажәаны иҟан Аԥсны аҵакырахь анаркотикқәа ралагаларазы.

Анаркотикатә маҭәашьарқәа зҭиуаз аинформациа еимырдон амобилтә цҵаҿы, абонент "Таня" ҳәа хьыӡшьарас ишьҭыхны.

"Ақаҩба иҿахәҿыхра шьаҭас иҟаҵаны еилкаауп Аԥсны иахьаҵанакуа анаркотикқәа рыларҵәарала 400 000 мааҭ ширҳаз", - аҳәоит Аԥсны ААР адырраҭараҿы.

Аԥсны анаркотикқәа алазырҵәоз ацәгьоуцәа ргәыԥ аумҭақәа рышьақәыргылара иаҿуп. Зхаҭара шьақәыргылам рганахь ала адыррақәа аус ацхырааразы макьана ирмаӡоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: