АҞӘА, жәабран 22 - Sputnik. Аԥсны атуризм ахкқәа иреиуоу - агәабзиарачаԥаратә туризм рҿиалатәуп ҳәа азгәеиҭеит Урыстәыла атуризм азы афедералтә агентраҿы иҟоу асанатор-курорттә комплекс арҿиаразы Ауаажәларратә хеилак ахантәаҩы Дмитри Богданов.
"Адунеи зегь аҿы ауаа ргәабзиара аԥыжәара арҭоит, еилыркаауа иалагеит аҳақьымцәеи ахәшәқәеи шракәым агәабзиара ҟазҵо, афатә, ажәтә, аԥсшьара, аԥсҭазаараҿы ахымҩаԥгашьа шракәу ихадоу", - ҳәа иара иажәақәа аанагоит Аԥсны атуризм аминистрра апресс-маҵзура.
Богданов агәра игоит Аԥсны асанатор-курорттә маҵзурақәа рымҩаԥгаразы иахәҭоу алшарақәа шамоу.
"Асанатор–курорттә усхк сахылаԥшуеит Урыстәыла ахьынӡанаӡааӡо. Шәача сиит, сааӡеит. Аԥсны исызгәакьоу ҭыԥуп. Ибзианы издыруеит проблемақәас иҟоу. Атуристтә обиектқәа рарбагақәа инҭкааны иудырбоит аҿиаразы иҟоу алшарақәа", - ҳәа иҳәоит иара.
Аексперт иазгәеиҭеит Шәачатәи аџьармыкьа шхаҭәаау, Аԥсны ақәшаҳаҭхозар, уаҵәыҵәҟьагьы атуристцәа еижәыланы арахь рырхара шауа. Иара игәаанагарала, ари азҵаара аӡбаразы аглобалтә инвестициақәа аҭахым.
Дмитри Богданов иазиԥхьаӡоит ииашоуп ҳәа зыҿҳәара дуу, 20-30 шықәса зҵазкуа ахықәкқәа аҭахуп ҳәа ареспубликаҿ асанатор-курорттә комплекс ду аԥҵаразы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Делба Ростуризм аделегациеи иареи атуристтә усхкы арҿиара азҵаарақәа ирылацәажәеит