Шьамтәыла урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" ашәҟәы иҭанагалеит

Алаҵа "Спутник V" акоронавирустә инфекциаҟынтә ахьчара алзыршо акәны иҟоуп. Иара ибзиоуп ҳәа ахырҳәаахьеит 30 тәыла рҿы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 22 - Sputnik. Шьамтәыла урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" ашәҟәы иҭанагалеит, ахархәарагьы азин ҟанаҵеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла иҟоу Шьамтәыла ацҳаражәҳәаҩ Риад Хаддад иажәақәа шьаҭаны иганы.

"Дамаск урыстәылатәи алаҵа ("Спутник V") ашәҟәы иҭанагалеит, ахархәарагьы алнаршоит",- иҳәеит Хаддад.

Акоронавирус ахҽразы иҟарҵо алаҵа "Спутник V" аԥҵан Гамалеи ихьӡ зху Ацентр аҿы. Ари алаҵа адунеи аҟны раԥхьаӡа акәны COVID-19 хызҽуа ҳәа иҭарҩыз лаҵахеит, иаԥҵан ауаҩытәыҩса иаденовирустә вектор аплатформаҿы.

Аҭҵаарадырратә журнал Lancet уаанӡа иакьыԥхьхьан "Спутник V" аклиникатә ҭҵаарақәа ахԥатәи рфаза алҵшәақәа. Иагьаарԥшын иара ашәарҭадара. III аклиникатә ҭҵаарақәа рҿы иаарԥшын "Спутник V" хра аманы ишыҟоу, ашәарҭадара  91,6% шартәо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: