Аԥсны акоронавирус 25-ҩык ирыдырбалеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 250-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 25-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 23 – Sputnik. Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 1949 шықәса рзы ииз апациентка, ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Апациентка илзықәыргылаз адиагноз хада акоронавирустә инфекциа ҿыц ауп, иара убас илыдбалан ҩганктәи аполисегментартә гәыҵәкра.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 49-ҩык, урҭ рахьтә 41-ы акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 17-ҩык, ибжьаратәуп - 25-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 13-ҩык апациентцәа, Очамчыра ирхәышәтәуеит быжьҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - хҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 13-ҩык, Аҟәатәи амобилтә госпиталь аҟны ишьҭоуп акоронавирус зыдбалоу 15-ҩык апациентцәа.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 12725-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12017-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 196-ҩык.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>