Сергеи Багаԥшь ибаҟа апроект алкааразы апроектқәа рекспозициа аадыртит

Сергеи Багаԥшь ибаҟа апроект алкааразы аусумҭақәа рцәыргақәҵа мҩаԥысуеит Аҟәа, хәажәкыра 3 рҟынӡа.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь ибаҟа апроектқәа рекспозициа аатит Аҟәатәи Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы жәабран 24 рзы.

"Аконкурс иалахәуп апроектқәа жәба. Урҭ рҟынтәи ааба Аҟәа атема иадҳәалоуп. Абаҟа ықәыргылахоит Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы. Иара убасгьы абаҟа ықәыргылахараны иҟоуп Очамчыра араион ахадара ахыбра аҿаԥхьа", - ҳәа иҳәеит Аԥсны акультура аминистр Гәдиса Агрба.

Изҭаху зегьы неины ирбар рылшоит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Рцәыргақәҵатә зал хадаҿы ҳәа иҳәеит иара.

"Хәажәкыра хԥа рзы Аҳәынҭқарратә монументалтә комиссиа аилатәара мҩаԥнагоит иреиӷьу апроект алхразы. Акомиссиа иалахәуп 14-ҩык – аскульпторцәа, асахьаҭыхыҩцәа", - ҳәа иҳәеит Агрба.

Уи адагьы, аминистрра асаит аҿы имҩаԥысраны иҟоуп онлаин бжьыҭира. Уи аихшьаалақәа аконкурстә комиссиа алахәылацәа руаӡәк ибжьы иаҟаратәхоит ҳәа иҳәеит аминистр.

Акомиссиа алахәыла Нугзар Логәуа иазгәеиҭеит инагоу аусумҭақәа акыр агәахәара урҭартә ишынагӡоу.

"Аицлабра иалахәуп архитекторцәеи адизаинерцәеи аҿар рҟынтәи. Урҭ аметодқәеи аформа ҿыцқәеи рхы иадырхәеит. Сгәы иаанагоит апроектқәа ирылухыша ҟалоит ҳәа", - иҳәеит иара.

Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь ибаҟа апроектқәа рзы аицлабра аартын 2019 шықәса ԥхынгәы 1 азы.

Сергеи Багаԥшь диит 1949 шықәса хәажәкыра 4 рзы. 2005 шықәса рзы иара Аԥсны ахадас далхын, 2009 шықәсазы – деиҭалхын. Иԥсҭазаара далҵит лаҵара 29 2011 шықәса рзы.