Арадио

Џьопуа Тҟәарчалтәи аџьармыкьазы: апроект ала иаартны иазгәаҭоуп, аха иаркызар иаҳа еиӷьхон

Тҟәарчалтәи аџьармыкьа аиҳабы Сасрыҟәа Џьопуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аџьармыкьаҿы ицо аргыларатә усурақәа ртәы.
Sputnik
Џьопуа Тҟәарчалтәи аџьармыкьазы: апроект ала иаартны иазгәаҭоуп, аха иаркызар иаҳа еиӷьхон

"Аремонттә усурақәа ирзоурыжьран иҟоуп 3 миллионки 500 нызқь мааҭи. Урҭ аԥарақәа ҳарзыԥшуп. Апроект ала аџьармыкьа аартны иазгәаҭоуп, аха иаркызар иаҳа еиӷьхон. Уажәы ахәаахәҭразы аџьармыкьахь иааиуа ауаа маҷуп. Иахьықәгыло ыҟаӡам, ақәа леи, асы леи, адәы иқәгылазароуп. Бедиа ибгаз амҩа иахҟьаны аџьармыкьаҿы ахәаахәҭыҩцәа агхеит. Уажәы ауаа адәахьы ихәаахәҭуеит, астолқәа ргыланы ирымоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьопуа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.