Ишахыкәшац иахыкәшоит: шықәсык ҵит Шыцкәара ибгаз амҩа ус иҟоуижьҭеи

Ииасыз ашықәс хәажәкырамза алагамҭазы Шыцкәара аҳаблан адгьылҳәазара иахҟьаны амҩа ахәҭак ҭабгеит. Уи апроблема иахьа уажәраанӡагьы иӡбамкәа иаанханы иҟоуп.
Sputnik

Шықәсык ҵит Шыцкәара аҳаблан инхо ауааԥсыра рыҩнқәа рахь амҩаду иахыкәшаны ажәытә мҩала инеиуеижьҭеи. Иҳаҩсыз ашықәс хәажәкырамза аԥхьатәи амшқәа рзы ари аҭыԥ аҿы адгьыл ҳәазеит, уи иахҟьаны анхарҭа ҩнқәа амҩаду иаҿыгахеит. Аҟазауаа адгьыл ахьыбгаз ахаҳә ҭарԥсеит, аха уи амыхәеит, мышқәак рышьҭахь адгьыл ҩаԥхьа иҭабгеит. Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа излеиҳәо ала, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа жәа-миллион мааҭ инареиҳаны ирықәхарџьтәхоит. Акапиталтә ргылара аусбарҭа ишьақәнаргылаз ахарџьынҵа иахьа уажәраанӡа аекспертизаҿы ишьҭоуп, аха араионтә биуџьет уи азышьҭыхуам, ареспубликатә биуџьет аҟынтәи ацхыраара хымԥада иаҭаххоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: