АҞӘА, жәабран 25 - Sputnik. 2021 шықәсазтәи анавигациаҿ атеплоход "Князь Владимир" Аҟәатәи абаӷәазахь аҭалара аанкылоуп ҳәа аанацҳауеит акруиз аофициалтә саит аҿы. Амзыз ҳәа акгьы арбам.
Рашәарамзазы атеплоход "Князь Владимир" Шәача— Новороссиск — Иалта — Севастополь — Шәача ицоит.
Аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәалар, Краснодартәи атәылаҿацә абаӷәазақәа ирҭаауеит аҳәаанырцәтә ӷбақәагьы. Иазԥхьагәаҭоуп 12 ӷба Шәачаҟа раара, ҩба — Новороссискҟа.
"Князь Владимир" ареис Аҟәатәи абаӷәазагь шаҵарку азы адырра ҟаҵан 2019 шықәса рзы. Аԥхьатәи аҭааҩцәа ирзыԥшын 2020 шықәса лаҵарамзазы. Лаҵара инаркны цәыббранӡа "Князь Владимир" аграфик инақәыршәаны фынтә Аҟәатәи абаӷәазахь икыдгылар акәын, аха сынтәа уи залыршахом.
Атесттә реис "Князь Владимир" ԥхынҷкәын 2 рзы имҩаԥнагеит. Игәаҭан абаӷәаза аҭаларатә процедурақәа зегьы. Аҵыхәтәантәи акруизтә ӷбақәа арахь 26 шықәса раԥхьа иҭалеит.