Арадио

Сақаниаԥҳа: анцәа исаҭәеишьаз аамҭа ҳаҭыр ду ақәысҵоит

Жәабран 25 рзы лирамш азгәалҭоит Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, апоетесса Гунда Сақаниаԥҳа. Аиубилиар лзы аирамш ҵакыс иамоу, аԥсҭазаараҿы зегьы ирыцку ҳәа илыԥхьаӡо, аҟазараҿы планқәас илымоу атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит.
Sputnik
Сақаниаԥҳа: анцәа исаҭәеишьаз аамҭа ҳаҭыр ду ақәысҵоит

"Сықәра ахаангьы изӡаӡом, анцәа исаҭәеишьаз аамҭа ҳаҭыр ду ақәысҵоит. Сгәанала, ауаҩы иҩнуҵҟатә дунеи хаҭәааны ианыҟоу, ашықәсқәа дрыцәшәаӡом. Сара схааҭәаны сыҟоуп ҳәа сҳәаӡом, аха аԥсҭазаарахь исымоу абзиабара иҟалап уи иханарҭәаауазар. Иҟоуп адәахьтәи аԥшӡара, иҟоуп аҩнуҵҟатәи аԥшӡара, урҭ убасҟак еимадоуп, иҟалоит ауаҩы иԥшрала, исахьала дчаԥаны анцәа зегьы анииҭо, аха аԥхара аницым. Избанзар уа адоуҳа, агәаӷь, аԥсы, зегьы аус руеит. Сгәанала ауаҩы данқәыԥшу, иқәыԥшу зегьы ԥшӡоуп, ихаауп, аха ауаҩы иқәра дҭысуа даналагалак, идоуҳатә дунеи асаркьеиԥш еиҳагьы зегьы аныԥшуа, илԥшуа иалагоит. Убри аҟнытә, сара ҳаҭырла сазыҟоуп ашлара, акаҷыра, ауаҩы исырбацәаргьы сҭахым, аха ибаргьы, уи сацәыԥхашьаӡом. Избанзар уи анаҩсан иҟоуп даҽа ԥсҭазаарак, даҽа ҳәаак, аҩнуҵҟатәи аусура иаҳа ианыҟоу, адәахьтәи иага угәы ишахәо иҟамзаргьы, иаҵахоит, уҩнуҵҟа иҟоу агәалаҟазаара", - ҳәа еиҭалҳәеит Сақаниаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: