Агаубицақәа рхымца: урыстәылатәи аруаа "аӷа" итехника Аԥсны ашьхараҿы иҭадырхеит

Арҵаратә хысрақәа мҩаԥысуан Аладатәи арратә округ аракетатә ари артиллериеи рҽазыҟаҵарақәа рҳәаақәа иҭагӡаны.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 26 - Sputnik. Аладатәи арратә округ артиллеристцәа акәылӡтехникеи, акомандаҟаҵарҭатә пунктқәеи, ашьхараҿ аӷа иршьаҟауааи ҭадырхеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны иҟоу ААО арратә база апресс-маҵзура.

122-мм иҟоу агаубицақәа Д-30 реихсуан 15 километра инахараны иҟаз ацәҟьарақәа. Жәаба рҟынӡа ҵаратә-ҽазыҟаҵара мҩаԥган, уахынлагьы налаҵаны.

Зынӡа аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 500-ҩык рҟынӡа аруаа, 100 рҟынӡа арратә техника, автомашьына "Урал", 2С3 "Акациа" ирықәгылоу 122-мм иҟоу ареактивтә система "Град" аҩызақәагь налаҵан.