АҞӘА, жәабран 26 - Sputnik. Урыстәылатәи хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аиҳабы Абдулмеджид Магомедови ихаҭыԥуаҩ Р.А. Курбанови аҳаҭыртә шәҟәқәа ранаршьеит Аԥсны COVID-19 аламырҵәаразы рылшамҭақәа рзы.
Аҳаҭыртә шәҟәқәа рнапаҿы идиркит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин.
Адипмиссиа ахада иҭабуп ҳәа реиҳәеит амедусбарҭа анапхгаҩцәа ианаамҭаз хамеигӡарыла иҟарҵаз ацхырааразы, русура ареспубликаҿ асанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьа аиӷьтәра ахьалнаршаз.
Урыстәылатәи амобилтә госпиталь Аԥсныҟа идәықәҵан Ставропольтәи атәылаҿацә аҟынтәи жьҭаара 17 рзы акоронавирустә инфекциа COVID-19 змоу апациентцәа рыхәышәтәраҿы ацхыраара аҟаҵаразы. Агоспиталь асасааирҭа "Аиҭар" аҵакыраҿы идыргылеит, аусурагьы иалагеит жьҭаара 20 инаркны.
Уи аахыс ара ахәышәтәра иахысхьеит 500-ҩык ареспублика ауааԥсыра. Иахьазы агоспиталь иҭоуп 20-ҩык.
Иарбоу аамҭа иалагӡаны амбулатор-консультациатә цхыраара рыҭан хнызқьҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра, имҩаԥган алабораториаҿ 5195 ПЦР тест.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Агәабзиарахьчара аминистрра амобилтә госпиталь аиҳабы амедаль иананашьеит
Урыстәылатәи амобилтә госпиталь аҳақьымцәа аҳамҭақәа ранаршьеит Аԥсны