Ахәыҷбаҳчақәа русура аиҭахацыркра ашьҭахь Аҟәа аҵара аусбарҭаҿы имҩаԥгаз аметодистцәа реилатәараҿы ахәыҷқәа рхатәы бызшәа хьысҳахеит, изхысыз апрограммагьы рхашҭит ҳәа алкаа ҟаҵан.
"Ҳусура цәыббра акы иаҩызаны ҳалагеит. Усҟан ахәыҷқәа адаптациа иахысхьазҭгьы, ҿыц иааз ахәыҷқәа ҭышәынтәахалахьазҭгьы, уажәы ҿыц ҳалагеит. Ари аҭагылазаашьа ауадаҩра цәырнагоит. Ахәыҷы апрограмма дацәхьамҵыр залшаӡом, асҟак аҩны иантәалак ашьҭахь, аха иага ус акәзаргьы, апрограмма ҿыц еиҭашьақәҳаргылоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Чуазԥҳа.
Абызшәа апроблема далацәажәо, аметодист илҳәеит, ахәыҷы ихатәы бызшәала ахәыҷбаҳчаҿы аҵарадырра шиоуа, убри аҟнытә абызшәа шаҟа ибзиан иидыруа аҟара идыррақәа ирныԥшуеит.
"Аҭаацәаратә ҭагылазаашьа зегьынџьара еиуеиԥшӡам, хатәы бызшәала ицқьаны иахьцәажәо ахәыҷы ибызшәа бзиоуп. Ахәыҷбаҳчаҿы ҳара аҵарадырра раҳҭоит, ахәыҷы ибызшәалоуп адырра шышьҭикаауа. Абызшәа здыруа ироуҳәо еилыркаауеит, угәы иахәартә иҟоуп, аха иҟоуп зынӡа иацәыхҟьазгьы, аха урҭгьы ацхыраара раҳҭоит. Аҵаратә процесс апрограмма иҭагӡаны, ашкол ахь ицо иаҳа игәҵаракны иазыҟаҳҵап ҳәа аамҭа ҳамоуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Чуазԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Аҵара азыхынҳәра: Аԥсны ахәыҷбаҳчақәеи ашколқәеи аусура иалагеит
Цколиаԥҳа еиҭалҳәеит аԥкрақәа рырԥсыҽра анаҩс рхәыҷбаҳча аусура шеиҿкаахо атәы