Арадио

Миқаа Гал аус зуа агәрагаратә кәалаԥқәа рзы: иарбанзаалак қьаадк иамыԥхьаӡакәа иаанымхацт

Гал араион ахадара апресс-маҵзура аиҳабы Ерик Миқаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақалақь аҩныҵҟа иқәшыргылоу агәрагаратә кәалаԥқәа аус шыруа атәы.
Sputnik
Миқаа Гал аус зуа агәрагаратә кәалаԥқәа рзы: иарбанзаалак қьаадк иамыԥхьаӡакәа иаанымхацт

"Хымз раԥхьа Кәасҭа Ԥлиеи уи ихаҭыԥуаҩ Игорь Аҩӡбеи ражәалагалала ақалақь аҿы иқәыргылан акәалаԥқәа. Аилибамкаара ҟамларцаз, ажәла мҳәакәа, ахьӡ азгәамҭакәа, акәалаԥқәа кнаҳҳаит аџьармыкьа уахьынҭало, Гал араион ахадара аҩналарҭа аԥхьа. Аинформациатә дырраҭарақәа рыла ажәлар ирылаҳҳәоит агәрагаратә кәалаԥқәа шыҟоу, дарбанзаалакгьы џьара ажәалагалак змоу, араион аҿы иҳахәаша, ма дара иргәамԥхо, ргәы еихьызшьуа акыр ыҟазар, ражәалагала азыӡырҩра, ҳшазыхиоу. Мчыбжьык ахь знык араион ахадеи сареи ҳцаны ақьаадқәа ҭганы иааҳгоит, Кәасҭа Ԥлиа даԥхьоит, анаҩс доусы инаигӡаша аусмҩаԥгатәқәа риҭоит. Иарбанзаалакгьы қьаадк аанымхацт иамыԥхьаӡакәа. Акәалаԥқәа русура иабзоураны галтәи аџьармыкьа аусқәа ҳаӡбахьеит. Амҩақәа рыҟаҵара, абаҳчақәа рҿы атәарҭақәа ахьыргылатәу уҳәа иҟаҳҵахьо маҷым. Иҳәатәуп, ари аус адгылара шаиуз ауааԥсыра рҟынтә, даара ибзиан аус ауеит аимадара", - ҳәа еиҭеиҳәеит Миқаа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: