Шә-тоннак рҟынӡа амимоза Аԥснынтә Урыстәыла иаларгалеит жәабранмзазы

2021 шықәсазы аҳауаԥхарра иахҟьаны ашәҭсезон заахеит. Амимозашәҭ абжьааԥны жәабранмза аҽеиҩшамҭаз акәын аҭира ианалагоз. Сынтәа жәабранмзатәи ашәҭ аекспорт 2020 шықәса иаԥнагеит абри аамҭа иаҿырԥшны.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik. Шә-тоннак рҟынӡа амимоза Аԥснынтә Урыстәылаҟа иаларгалахьеит жәабранмза иалагӡаны ҳәа аанацҳауеит "Вести-Сочи".

Иааиуа амшқәа рзы иазԥхьагәаҭоуп даҽа шә-тоннак аекспорт. Анаплакыҩцәа 200 тонна рекспорт азы адокументқәа азырхианы инарышьҭхьеит.

400 кьыла амимоза изакәанымкәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииаргарц рҭахын

Аиҳарак ашәҭ аҭира хәажәкырамза иақәшәоит. Урыстәылаҟа коммерциатә хықәкала ашәҭ алагалараан ашәҟәы иҭагалатәуп. Закәаншьаҭада аиагараан ахараԥса ддыршәоит. 15 ҿаҳәара еиҳаны аҳәаа иахызго ртауар ашәҟәы иҭаргалароуп.

Амимоза аҳәаа ахыгаразы Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатаҟынтә асертификати афито-санитартә хылаԥшра асертификати аҭахуп.

Шәачатәи аҳазалхыҩцәа административтә зинеилагара ҳәа жәаа-уск хацдыркхьеит, иаԥырҟәҟәаан тоннаки бжаки аҟынӡа амимоза закәаншьаҭада аҳәаа ахыгара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: