Аԥсны Апарламент аԥхьа еизаз рҟынтәи ԥшьҩык адепутатцәа рахь инеиит

Аԥсны Апарламент ахь инеит ауаажәларра, аоппозициа, апартиақәа рхаҭарнакцәа ахада уаанӡатәи иабжьгаҩ иумҭа иақәыӡбарц.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 2 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа Бенур Қәираиа иумҭа ахәшьара аҭаразы Апарламент адепутатцәа рыҿцәажәаразы инеиит.

200-ҩык рҟынӡа ауаа Апарламент ахь инеиит ахада уаанӡатәи иабжьгаҩ Қырҭтәыла иҟазааразы

Аделегатцәа ауаажәларратә ветерантә еиҿкаара "Аруаа" аиҳабы Ҭимур Гәлиа, АУЕ "Аруаа" Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Ҭемур Надараиа, апартиа "Аԥсны" аиҳабы Витали Габниа, Жәлар ракзаара Афорум аиҳабы Аслан Барцыц.

Аҩаша, хәажәкыра 2 рзы Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҿы ауаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" ааԥхьара ҟанаҵеит ачынуаа Қырҭтәыла рцара згәы амырҭынчуа зегьы еизарц азы.

Абри ашьҭахь Ахақәиҭра ашҭаҿы еизаз рҟынтәи ҩышәҩык рҟынӡа Аԥсны Жәлар Реизара ахыбрахь инеиит адепутатцәа ирыҿцәажәарц уаанӡатәи ахада иабжьгаҩ Бенур Қәираиа Қырҭтәыла иҟазаара иазкны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: