Аҟәатәи алхратә комиссиа аинициативтә гәыԥқәа ашәҟәы ранҵара хацдыркуеит хәажәкыра 2 инаркны.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭыԥантәи ахаланапхгараҭара аусбарҭақәа рахь алхрақәа рымҩаԥгаразы" ахәҭаҷ 5 инақәыршәаны, алхрақәа мҩаԥгахоит 2021 шықәса мшаԥы 11 рзы".
"Акомиссиа астатус амазароуп. Алхарақәа рымш аҽны ауаа аусутә раҳҭоит алхрақәа аус рыдырулартә еиԥш. Алхратә комиссиа ирылаҭалатәуп ауалафахәы. Азакәан излаҳәоз ала уи азы азин ҳамамызт, аӡәы аусура иааԥхьара, уи азы аԥара изшәаразы, аха уажәшьҭа уи аҭагылазаашьа ԥсахуп. Аҩбатәи- есымша проблемас иҳаман алхратә сиақәа. Хаҭала асиақәа уанрызхәыцлак, алхраҿы ауаҩы ихы рылаирхәуеит атәылауаҩшәҟәы ала. Закәанла уахәаԥшуазар, алхратә сиақәа иаҳа ииашаны измоу апаспорт-визатә маҵзуроуп. Шықәсқәак раԥхьа апаспортизациа Аԥсны имҩаԥган, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иахь ашәҟәы ҳҩит, дахаҵгылеит, иҳауит апаспортә-визатә маҵзура иамоу абаза. Убарҭ рыла аус хурц ҳҭахуп, еилаҳкаарц ҳҭахуп, шаҟаҩы Аҟәа инхо. Иара убас иԥсахын алхырҭатә ҭыԥқәа. Иҟан аҭыԥқәа 400-ҩык алхрақәа рхы ахьрыладырхәуаз, иҟан 1500-ҩык раҟара алхыҩцәа ахьыҟазгьы. Иахьынӡаҳалшоз зегьы еиҟараны еицырзеиԥшны иҟаҳҵеит", - еиҭеиҳәеит Аџьынџьал.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: