Бжьаниа аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарақәа рахь алхрақәа ррыцхә шьақәирӷәӷәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы в Абхазии
Выборы в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.02.2021
Анапаҵаҩра
Ареспубликаҿы аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟан 2020 шықәса абҵара 1 азы, аха ииаган акоронавирус-ҭагылазаашьа иахырҟьаны.

АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит аусԥҟа "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рымҩаԥгаразы". Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭыԥантәи ахаланапхгараҭара аусбарҭақәа рахь алхрақәа рымҩаԥгаразы" ахәҭаҷ 5 инақәыршәаны, алхрақәа мҩаԥгахоит 2021 шықәса мшаԥы 11 рзы", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Ареспубликаҿы аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟан 2020 шықәса абҵара 1 азы, аха ииаган акоронавирустә инфекциа алаҵәара ахьыӷәӷәаз азы.

Ақалақьтә еизарақәа рдепутатцәа ԥшьышықәса ҳәа ҿҳәарас ирыҭаны иалырхуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0