АҞӘА, хәажәкыра 2 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла Ацәыргақәҵатә зал аҿы иаадыртит ацәыргақәҵа "Аԥҳәыс лпортрет". Абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит АЗХ адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа.
Ацәыргақәҵа аартызаауеит хәажәкыра 3 - 25 рзы, уи аҵыхәтәантәи ашәышықәса рыҩнуҵҟа иҭыху аҳәса рпортретқәа еиднакылоит.
"Ари аԥкрақәа рышьҭахь раԥхьатәи цәыргақәҵоуп. Есышықәса Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ааԥынразы ацәыргақәҵақәа еиҿнакаауеит. Сынтәа иҳаӡбеит апроект "Аԥҳәыс лпортрет" ӡыраагарц", - лҳәеит Арсалиаԥҳа.
Лара илҳәеит ишеизгоу Акартинатә галереиа аҟны иҵәахыз арҿиамҭақәеи ҳаамҭазтәи асахьаҭыхыҩцәа рырҿиамҭақәеи.
"Убас арахь иаагахоит Александр Шервашиӡе 1920 шықәса рзы иҭихыз иусумҭақәа реиԥш сынтәа иҭыху аусумҭақәагьы. Ари аинтерес зҵоу темоуп. Иубоит аԥҳәыс лыԥшӡара аеталон аҽшаԥсахуа", - ҳәа лҳәеит лара.
Ельвира Арсалиаԥҳа иара убасгьы илҳәеит ацәыргақәҵа шаартхо хәажәкыра 4 рзы, хәажәкыра 3 рзы АИХқәа русзуҩцәеи аиҿкааҩцәеи рзы иҷыдоу аартра шыҟало.
"Аԥкырақәа шаԥыхугьы ауаа рацәа реизара ҳҭахым. Ацәыргақәҵа аартхоит хәажәкыра 3 - 25 рзы аҭааҩцәа зегьы рзы" ҳәа лҳәоит лара.
Ацәыргақәҵахь инагахоит 50 усумҭа ҳәа азгәалҭоит Ельвира Арсалиаԥҳа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Адоуҳатә хдырра еиззырҳауа: Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла 80 шықәса ахыҵит
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Арсалиаԥҳа апроект "Сахьак аҭоурых" иазкны