АҞӘА, хәажәкыра 2 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Даур Занҭариа ихьӡ зху Ацентр жәларбжьаратәи алитературатә еиндаҭлара "Аҭынчра амузыка уаҿыхәо" шымҩаԥнаго азы алаҳәара ҟанаҵеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Ацентр адиректор Циза Гәымԥҳа.
"Аҭынчра амузыка уаҿыхәо"– ари Даур Занҭариа иажәеинраалатә цәаҳәоуп. Аиндаҭлара фынтәуп имҩаԥысуеижьҭеи. Сынтәа иара жәларбжьаратә статус аанахәеит, атәыла анҭыҵаагьы ирҭахызар рхы аладырхәуеит. Аиндаҭлара жәларбжьаратә ҟазшьа аҭара аидеиа Ацентр иаҭааз аҿар ираԥшьгамҭоуп",- лҳәеит лара.
Циза Гәымԥҳа еиҭалҳәеит ишрыдыркыло уаанӡа акьыԥхь зымбац арҿиамҭақәа аԥсышәалеи урысшәалеи, аелектронтә ҟазшьа рыманы абри аҭыӡҭыԥ ахь: dyrmitg@gmail.com. Аусумҭақәа рыдыркылоитхәажәкыра 1 инаркны лаҵара 15 рҟынӡа. Аихшьаала мҩаԥгахоит лаҵара 25 рзы, Даур Занҭариа имшира аҽны.
"Ҳаигәыӷуеит аиндаҭлара аихшьаалатә уснагӡатә аныҳәатә ҟазшьа аманы имҩаԥысып ҳәа. Уи аҽны иара убасгьы ашәҟәыҩҩы анышә дахьамадоу аҭыԥ ҳаҭаауеит", - лҳәеит Циза Гәымԥҳа.
Аиндаҭлара алахәхаразы арҿиамҭа иацнашьҭтәуп абиблиографиатә дыррақәеи аҭел аномери. Алауреатцәа алыркаауеит еицырдыруа ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи злахәу ажиури абжьыҭирала. Номинациа-цыԥхьаӡа аӡәаӡәа алыркаауеит, адипломи агәалашәаратә ҳамҭеи ранаршьоит.
Ашәҟәыҩҩы, ажурналист Даур Занҭариа (1953—2001 гг.) диит Тамшь ақыҭан. Далгеит афилологиатә факультет (1975), нас – Иреиҳаӡоу асценариатә курсқәа (1984). Аус иуан ахәыҷтәы журнал аредакциаҿы (1977-1981), Аԥсны акультура Афонд аҿы (1988-1992). Ажурнал "Эксперт" акорреспондентс дыҟан, СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далахәылан (1984). "Золотое колесо", "Гендальф", "Кремневый скол", "Набережная" (урысшәала), "Hаp улбаит" (аԥсышәала) дравторуп. Ирҿиамҭақәа кьыԥхьын ажурналқәа: "Знамя", "НМ", "Арион", "Новый мир" рҿы. Акиносахьа "Сувенир" асценари давторуп.
Даур Занҭариа ихьӡ зху Ацентр аартын 2011 шықәсазы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥсҭазаара аԥҟарақәа ирҭамӡоз: Даур Занҭариа игәалашәара иазкны
Гәымԥҳа: знык Даур Занҭариа иҩымҭақәа ирыԥхьаз - деиҭарзыхынҳәуеит