Аԥснынтәи Урыстәылаҟа 256 тонна амимоза аиагара азԥхьагәаҭоуп

Амимоза аԥхьатәи апартиа Аԥснынтә Урыстәылаҟа инаргеит жәабранмза алагамҭазы. Амассатә експорт хәажәкыра 8 аламҭалаз имҩаԥысуеит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 2 - Sputnik. Анаплакыҩцәа 265 тонна рекспорт азы адокументқәа азырхианы инарышьҭхьеит – ари аҵыхәтәантәи ахәышықәса рзы ирекордтәу рбагоуп ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәачатәи амаҵзура.

Шә-тоннак рҟынӡа амимоза Аԥснынтә Урыстәыла иаларгалеит жәабранмзазы

Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ақәоурақәеи ахьҭақәеи ирхырҟьаны аамҭала амимоза агара аанкылан. Иахьазы 190 тонна амимоза атәыла иалыргахьеит. Ҵыԥх аасҭа ари арбага 50% рыла еиҳауп.

Амимоза аекспорт хәажәкыра 6 аҟынӡа акәхоит ианымҩаԥысуа, аҳауатә ҭагылазаашьагьы иахьыԥшуп.

Урыстәылаҟа коммерциатә хықәкыла ашәҭ алагалараан ашәҟәы иҭагалатәуп. Закәаншьаҭада аиагараан ахараԥса ддыршәоит. 15 ҿаҳәара еиҳаны аҳәаа иахызго ртауар ашәҟәы иҭаргалароуп.

2020 шықәсазы 151 тонна амимоза аҳәаа иахыган, 2019 шықәсазы – 150 тонна, 2018 шықәсазы - 100 тоннак.