Ҩ-тоннак инареиҳаны амимоза ашәҟәы ацымкәа аҳәааҿ иааныркылеит

Аԥснынтәи Урыстәылаҟа амимоза аныҳәамшқәа раан аиагара акыр иахьеиҳахаз инадҳәаланы аҳазалхратә закәанԥҵарақәа реилагарагьы иацлеит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 3 - Sputnik. Активла амимозатә сезон иалагазар, 2021 шықәса жәабранмза аахыс, ҩ-тоннаки 288 кьыла амимоза закәаншьаҭада аҳәаа ахыгара ԥкуп, 23 административтә зинеилагара хацыркуп ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәачатәи амаҵзура.

Аԥснынтәи Урыстәылаҟа 256 тонна амимоза аиагара азԥхьагәаҭоуп

2020 шықәса абри аамҭазы ҩ-уск хацыркын, иԥкын 250 кьыла амимоза аҳәаа ахыгара ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Сынтәа анаплакыҩцәа 265 тонна рекспорт азы адокументқәа азырхианы инарышьҭхьеит – ари аҵыхәтәантәи ахәышықәса рзы ирекордтәу рбагоуп.

Убри аан иазгәаҭоуп ашәҟәқәа рыцымкәа акоммерциатә хықәкала ашәҭ аҳәаа ахыгаразы аҽазышәарақәа шырацәоу.

Хәажәкыра 1 азы аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы ҩ-ҽазышәарак ԥкын.

Аԥсны аганахь ала аҳәаахь инеиз автомашьына Volkswagen асалон аҿы аҳазалхратә гәаҭараан ирбеит 11 пакет амимоза, 157,85 кьыла иҟаз, иарбанызаалак иахәҭаз шәҟәык ацымкәа. Амимоза ииазгоз Аԥсны атәылауаҩ иҳәеит Шәачаҟа аҭиразы ишигоз, аҳәааҿтәи аԥҟарақәа шизымдыруаз.

Егьи автомашьына, ВАЗ 21060 аҟны аҳазалхыҩцәа иаадырԥшит 60 кьыла амимоза. Ари атауаргьы шәҟәы ацмызт.

Ииасыз аԥсшьарамшқәа раан аҽа х-зинеилагарак аԥырҟәҟәаан. Иаанкылан ашәҟәы зцымыз 242 кьыла амимоза.

Арҭ ахҭысқәа зегь рганахь ала аусҭҵаарақәа хацыркуп Урыстәыла АЗ ахәҭаҷ 16.3 инақәыршәаны.

Иахьазы 220 тонна амимоза атәыла иалыргахьеит. 2020 шықәсазы аҳәаа иахыган 151 тонна амимоза.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: