Аслан Бжьаниа Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин иубилеи идиныҳәалеит

Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин диит хәажәкыра 3, 1966 шықәсазы. Иахьа иара 55-шықәса ихыҵра азгәеиҭоит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 3 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Аҧыза-министр Михаил Мишустин иубилеи идиныҳәалеит, аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

"Ҳаҭыр зқәу Михаил Владимир-иҧа, гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи. Иҳараку апрофессионализм, астратегиатә хәыцра, апроблематика инарҵауланы азнеиреи, ишәымоу агәаӷьреи ирыбзоураны Шәара қәҿиарала аус зуа аҳәынҭқарратә усзуҩы ихьӡ-иҧша шәаԥсахеит", - аҳәоит адныҳәалараҿы.

Аслан Бжьаниа Михаил Мишустин аҭагылазаашьа ихы иархәаны, хаҭала иареи Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыреи иҭабуп ҳәа реиҳәеит ҳтәыла акороновирустә ҿкы апандемиа аамҭа хьанҭақәа раан иарҭаз хәы змаӡам ацхырааразы, иҳәеит Аԥсни-Урыстәылеи русеицура ахырхарҭақәа зегьы рыла активла аҿиара роуп ҳәа дышгәыӷуа.

Аԥсны ахада Урыстәыла аиҳабыра рхада изеиӷьеишьеит агәабзира, агәамч, аихьӡара ҿыцқәа Урыстәылатәи аҳәынҭқарра амаҵ аураҟны.