Аслан Бжьаниа Урыстәылаҟа дцеит

Аԥсны ахада ипресс-маҵзура аофициалтә дырра ҟанаҵеит Аслан Бжьаниа Урыстәылаҟа дышцаз азы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 3 - Sputnik. Аслан Бжьаниа Урыстәылаҟа дцеит аклиникақәа руак аҿы изаамҭанытәиу амедицинатә гәаҭара дахысырц азы ҳәа аанацҳауеит апресс-маҵзура.

Адырраҭараҿы иазгәаҭоуп Бжьаниа Аԥсныҟа дхынҳәоит хәажәкыра 7 рзы.