Арадио

Гыцба аҭыԥантәи алхрақәа рзы: асиақәа рганахьала ауадаҩрақәа цәырҵлоит

Гагра араион алхратә комиссиа алахәыла Гарри Гыцба арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рахь аҽазыҟаҵарақәа шцо, уадаҩрас ирԥыло.
Sputnik

Аԥсны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп мшаԥы 11 рзы. Хәажәкыра ҩба рзы акандидатцәа рҭаҩра иалагеит.

 

Гыцба аҭыԥантәи алхрақәа рзы: асиақәа рганахьала ауадаҩрақәа цәырҵлоит

"Аиаша уҳәозар, хәыҷык ауадаҩрақәа ыҟоуп уи аганахьала (алхыҩцәа рсиазы - аред.), избанзар ауаа ԥсуеит, иҟоуп 18 шықәса зхыҵыз, шьҭа қәрала абжьыҭарахь инеир зылшо. Абри аиҿкаара уадаҩуп (асиазы - аред.), избанзар акомиссиаҿы зегьы ирҭахым аусура, ҳаҭыргьы амам уи ҳәа сгәы иаанагоит. Аиашазы, адепутатцәа иалырхуагьы, ианнеиуа аҭыԥаҟны, рнапы ианырҵо ишахәҭоу ирзынагӡом. Уи даҽа зҵаароуп, аха алхрақәа анааиуа ауп зегьы ҳаҩуа ҳанрышьҭало. Еиқәҳаршәоит асиақәа, аха агхақәа рацәаны ианрымоу ыҟоуп. Исҭахын изахәҭоу зегьы алхрақәа рҟны инеиларц… Есымша ауадаҩрақәа цәырҵлоит ақыҭақәа рҟны алхратә комиссиақәа реиқәыршәаразы. Уи аамҭа агоит… Алхрақәа раан асиақәа рызҵаара есымша ицәырҵоит", - ҳәа азгәеиҭеит Гыцба.

 

Иара игәаанагарала алхратә комиссиақәа рхантәаҩцәа ҿҳәарак рыҭаны иарҭозҭгьы, аҭагылазаашьа иаҳа еиӷьхон.

Шәазыӡырҩы аудио.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: