Агранатақәа зку аҳәса: Гәдоуҭатәи аполигон аҿы "аӷа" дҭадырхеит

Урыстәылатәи арратә базаҿ анормативқәа мҩаԥызгоз аҳәса шәкы инареиҳаны граната рхы иадырхәеит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 5 - Sputnik. Аԥсны иҟоу арратә базаҿ аррамаҵзура зхызго аҳәсақәа аибашьыга гранатақәа РГД-5 рыршәразы анормативқәа нарыгӡон. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан Гәдоуҭатәи аполигон аҿы. Ахысрақәа мҩаԥыргон "аӷа" даазырԥшуаз ацәҟьарақәа ирықәкны, 25 метра набжьаны.

Ахәшьара бзиаӡа аиуразы ацәҟьара агәҭа уақәшәар акәын, 30 секунд рыла ҩ-фигурак ҭархатәын.

Аибашьыга гранатақәа рыршәразы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит шықәсык ахь ҩынтә еиҵамкәа, ашәарҭадаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәаны.

Ауснагӡатәқәа ирылахәын 50-ҩык аҳәса, еилаӡаратәи аррамаҵзурауаа.

Урҭ рыхәҭак ааигәоуп арахь аррамаҵзура ахысразы ианааи, урҭ раԥхьаӡа акәны агранатақәа дыршәуан.