Ахра Аҩӡба иуацәеи идгылаҩцәеи Ашәарҭадаратә маҵзура аҿаԥхьа еизеит

Хәажәкыра 4 ахәылбыҽха Ахра Аҩӡба даанкылоуп ҳәа адырра ҟалеит. Ахыҵхырҭақәа излаарыцҳауа ала, иара Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ахыбрахь иҿахәҿыхразы днаргеит. Иҩны азинхьчаҩцәа акәшаны игылоуп.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 5 - Sputnik. Аҟәа иаанкылоу Ахра Аҩӡба иуацәеи идгылаҩцәеи АШәМ ахыбра аҿаԥхьа еизеит ҳәа ааицҳауеит акорреспондент аҭыԥ аҟынтәи.

Аҩӡба иуацәа руаӡәк ишеиҭеиҳәаз ала, аӡәгьы макьана издырӡом иара дзааныркылаз, дара иҿахәҿыхра ахьымҩаԥысуа ахыбра аҿаԥхьа иԥшны игылоуп дзыхдырҟьаз еилыркаарц азы.

"Макьана ҳара иҳаздыруам дзыхдырҟьаз, аҩнуҵҟа ҳауацәақәак ҩналеит. Урҭ иҟоу шыҟоу еилыркаароуп", - иҳәеит иара.

Уи ишиҳәаз ала, ахыбра дыҩналеит адукат Инга Габилаиаԥҳа, лара иааныркылаз изинқәа лыхьчалоит.

Ахра Аҩӡба даанкылоуп ҳәа адырра ҟалеит хәажәкыра 4 ахәылԥаз. Уи ирҵабыргит изааигәоу ауаҩы.

Азинхьчаҩцәа иҩны иакәшаны игылоуп, аԥшаарақәа мҩаԥыргоит ҳәа ааицҳаит акоррреспондент аҭыԥ аҟынтәи.

Ашәарҭадаратә маҵзура апресс-маҵзураҟны ари аҭагылазаашьа ахҳәаа арҭом.