Аԥсны Абанк аиубилеи азы аԥошьҭатә марка ҭнажьит

Жәабран 28, 1991 шықәсазы Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет аӡбра аднакылеит Аԥсны абанк хада аиҭеиҿкаараз.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 5 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Абанки, АУН "Аԥсны аԥошьҭеи", АУН ҭыжьымҭа "Марка Приднестровиеи" Аԥсны Абанк 30 шықәса ахыҵра аиубилеи азы аԥошьҭатә марка еицыҭрыжьит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Абанк адәныҟаеимадаратә маҵзура аиҳабы Лиана Агрԥҳа.

"Ҳара "Аԥсны аԥошьҭахь" амарка аҭыжьразы аҳәара ҟаҳҵеит. Иара нас аҭыжьра мҩаԥгахеит Приднестровие аԥошьҭа аҟны", - ҳәа лҳәеит лара.

Аиубилеитә маркаҿ иарбоуп Аԥсны Абанк ажәытәи аҿатәи хыбра. Атираж 800 цыра ыҟоуп. Агрԥҳа лажәақәа рыла, Амилаҭтә банк амаркақәа аҭиуам, иҭыжьу иубилеитә тиражуп.

Жәабран 28, 1991 шықәсазы Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет иаднакылеит "Аԥснытәи АССР Абанк хадазы", "Аԥснытәи АССР абанкқәеи абанктә усурақәеи рзы" азакәанқәа.

Раԥхьаӡа акәны ареспубликаҿы иҟалеит Аԥсны аекономика аҿиара аинтересқәа азԥхьагәазҭоз абанктә усҳәарҭақәа рҭаххара.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь уаанӡа аус зуаз абанкқәа рҟынтәи еиқәхаз Абанк хадеи араионқәа рҿы аҽа ԥшь-банкки роуп. Ус шакәызгьы 1994 шықәсазы Абанк хада 13 кредиттә еиҿкаара ашәҟәы иҭанагалеит. Урҭ ироуз алицензиақәа рыла ареспублика араионқәа рҿы аусура иалагеит.

Жәабран 11, 1995 шықәсазы Аԥсны ахада Владислав Арӡынба иусдҵала Абанк хада абазала иаԥҵан Амилаҭтә банк. Иара иаусдҵа хаданы иҟан: абанктә система арҿиареи аизырҳареи, ԥкырада хра аманы аԥхьаӡаратә система аусура.